АҞӘА, ажьырныҳәа 16 – Sputnik. Џьубга-Шәача афедералтә мҩаду ианаҳалаз аӡымҭҟьар дрыцқьеит, ҳәа ааицҳауеит Шәача ақалақь ахада Алексеи Копаигородски ихатәы телеграм-канал аҟны.
"Иацы илеиз аӡымҭҟьар амҩа абжа акит А-147 Головинки араион аҟны. Амҩа рыцқьоуп, абжьааԥаны еиԥш аус ауеит", - ҳәа иҩуеит иара.
Иааларҟьаны иҟалаз ахьшәашәарақәеи ақәаба-сабааи ирыхҟьаны ақалақь аҟны Аоперштаб аԥҵан амшцәа ахҟьа-ԥҟьақәа раԥыхразы.
Иахатәи аҵх азын, ақәа асы ҳәа акагьы млеиӡеит, аха иахьа амҩақәа иҵаахшәыланы иҟоуп. Убри аҟнытә ауаажәларратә транспорт аихшанҵа макьана еиԥҟьаны иҟоуп, ҳәа ақалақь ауааԥсыра ргәырҽаниҵеит Копаигородски.
Иазгәеиҭеит, иҵаахшәылаз амҩақәа аус шрыдыруло, аусура ишадыԥхьалоу 300-ак атехника ҷыда.