Аԥсны

Аҟәа ақалақь аҿы аҩнеихагыла ахәҭак блит

Амцакра ҟалеит ҵхыбжьон.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 17 - Sputnik. Аҟәа ақалақь аҽы аҩнеихагыла ахәҭак блит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АҶА.
Аишьцәа Занҭариаа рымҩаҿы абылра ҟалеит ҳәа аусбарҭахь аҭел иасит ажьырныҳәа 17 асааҭ 03:29 азы.
Аҭыԥ ахь инеит амцарцәага машьынақәа ҩба.
Амцарцәаҩцәа иалдыршеит амца аанкылара. Аҩнаҵҟатәи ауадеи актәи аихагылаҿы уадаки блит.
Аҩны иахыз аӡәгьы ԥырхага имоуит.