АҞӘА, ажьырныҳәа 17 - Sputnik. Акоронавирус аштамм "омикрон" шәарҭам зиммунитет аԥсыԥлагаҩагаратә чымазарақәа ирыцәнахьчо ауаа ҳәа иҳәеит "Вечернаиа Москва" аинтервиу аҭо аҳақьым, амҩаԥгаҩ Александр Миасников ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.
Аҳақьым иажәақәа рыла, аштамм ҿыц рыхьраны иҟоуп адунеи ауааԥсыра 60–70 процент.
"Аҿкырақәа згенетика аҿагыло ишьҭыркаауам, иара убасгьы зиммунитет ӷәӷәоу", - иҳәеит Миасников, "омикрон" "иаабац иҳаҳац аԥсыԥлагаҩагаратә чымазароуп ҳәагьы ахиҳәааит.
Иара игәаанагарала, аштамм ҿыц шьҭызкааз аҩны иаанхароуп, ахәшәтәырҭаҟны аштамм "дельта" рыднагалар ахьауазы. "Убри азы "омикрон" змоу ауаа аҩны иҟазароуп. Ихәшәтәлатәуп сҳәом, избанзар ОРЗ рхәшәтәӡом", – иҳәеит иара.