Аԥсны

Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа разырхиареи рымҩаԥгареи рыплан шьақәырӷәӷәоуп

Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп хәажәкыра 12 рзы.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 17 – Sputnik. Аԥсны алхратә комиссиа хада Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа разырхиареи рымҩаԥгареи рымзартә план шьақәнарӷәӷәеит ҳәа аанацҳауеит "Аԥсныпресс".
Ауснагӡатәқәа реихшанҵа инақәыршәаны:
Ажьырныҳәа 21 рҟынӡа ихыркәшазароуп алхратә ҭыԥқәа рҳәаақәа, алхыҩцәа рхыԥхьаӡара, алхырҭатә комиссиақәа рҭыӡҭақәа арбаны асиақәа реиҿкаареи ркьыԥхьреи.
Ажьырныҳәа 31 рҟынӡа ихыркәшазароуп алхратә ҭыԥқәа комиссиақәа реиҿкаара.
Ажьырныҳәа 31 рҟынӡа ихыркәшазароуп алхратә ҭыԥқәа реиҿкаара, алхратә ҭыԥқәа ркомиссиақәа реиҿкаара.
Аполитикатә партиақәеи аԥшьгаратә гәыԥқәеи рҭаҩра мҩаԥысуеит 2022 шықәса ажьырныҳәа 21 – жәабран 10 ирыбжьаку аамҭазы асааҭ 18:00 рҟынӡа.
Адепутатрахь акандидатцәа рықәыргылара мҩаԥысуеит 2022 шықәса ажьырныҳәа 21 – жәабран 10 ирыбжьаку аамҭазы асааҭ 18:00 рҟынӡа.
Адепутатрахь акандидатцәа ашәҟәы рҭагалара мҩаԥысуеит 2022 шықәса жәабран 10 инаркны хәажәкыра 2 рҟынӡа.
Адепутатрахь акандидатцәа ашәҟәы рҭагалара мҩаԥысит ҳәа акьыԥхь ахь инагатәуп ианҭарыҩ ашьҭахь ԥшьымш иахымгакәа.
Абжьыҭара анымҩаԥысуа аамҭеи иахьымҩаԥысуа аҭыԥи рзы адырра ҟаҵатәуп алхра жәамш шагу (2022 шықәса хәажәкыра 2 иахымгакәа).
Алхыҩцәа рсиа аӡыргара мҩаԥгатәуп алхра жәамш шагу (2022 шықәса хәажәкыра 2 иахымгакәа).
Алхратә ҭыԥқәа зегьы ркомиссиақәа абиуллетеньқәа рыла еиқәыршәатәуп алхрақәа мышкы-ҩымш шрыгу.
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп 2022 шықәса хәажәкыра 12, асааҭ 08:00 - 20:00 рзы.
Алхратә ҭыԥҭә комиссиақәа рыԥкаанҵақәа алхратә ҭыԥ хадақәа ркомиссиахь инашьҭтәуп 2022 шықәса хәажәкыра 12, 13 рзы.
АКХ ахь алхратә ҭыԥ хадақәа ркомиссиақәа рыԥкаанҵақәа нарышьҭроуп алхрақәа рышьҭахь ҩымш ирхымгакәа.
Алхрақәа реихшьалақәа рылаҳәазароуп 2022 шықәса хәажәкыра 12 рзы.
Иалху адепутатцәа ашәҟәы рҭагалара бжьымш ирхымгакәа имҩаԥгатәуп.
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа рылкаақәеи иалху адепутатцәа рсиақәеи ркьыԥхьра мҩаԥгатәуп бжьымш ирхымгакәа.
Аиҭабжьыҭара мҩаԥгатәуп 14 мшы иахымгакәа.
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп 2022 шықәса хәажәкыра 12 рзы. Адепутатрахь иалххоит 35-ҩык.