Аԥсны

Аԥсуа қәԥаҩы жәларбжьаратәи атурнир "Гераклион Ахраҿа" аҿы ахԥатәи аҭыԥ игеит

Арԥарацәа рыбжьара зых иақәиҭу ақәԥаразы жәларбжьаратәи атурнир мҩаԥысит ажьырныҳәа 15 рзы Москва.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 17 - Sputnik. Аԥсуа қәԥаҩы Багдан Ӡиӡариа жәларбжьаратәи атурнир "Гераклион Ахраҿа" аҿы ахԥатәи аҭыԥ ааникылеит. Абри атәы аанацҳауеит аспорт азы Аҳәынҭеилакы.
Аицлабрақәа ирылахәын 200 спортсмен: 2010, 2011, 2012, 2013 шықәсқәа рзы ииз, Саха, Новгород, Иарославль, Москва, Ермантәыла, Аԥсны рҟынтә.

Багдан Ӡиӡариа 38 кьыла зыкапан ыҟоу, 2010-2011 шықәсқәа рзы ииз рыбжьара ахԥатәи аҭыԥ ааникылеит.

Аспортсмен дазыҟаиҵоит Анрик Кьетиа.