Песков: Украина ааигәара Урыстәыла ар гылазароуп ҳәа иҳаԥхьаӡоит

Мраҭашәара изныкымкәа Урыстәыла ахара аднаҵахьеит Украина аҳәаақәа рааигәара ар еизнагоит ҳәа. Уи аҭакс Урыстәыла иазгәанаҭоит аӡәгьы иқәларц шагәҭакым, иара аҵакыра аҩныҵҟа ахатәы ар шынеиҭанак-ааиҭанакуа.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 17 - Sputnik. Урыстәылатәи ар Украина азааигәара иҟоу аҭагылазаашьа аибарххара иаҭакуп ҳәа иҳәеит CNN аинтервиу аҭо Урыстәыла ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.
"Урыстәылатәи ар рҵакыраҿы игылоуп, Украина аҳәаа иахьаԥну. Ҳара урҭ уа рыҟазаара ахәҭаны иаабоит иҟоу аҭагылазаашьа иаҿырԥшны, НАТО, аҽазыҟаҵарақәа, аҳаирпланқәа ҳҳәаарҽадхалара, НАТО ҳҳәаақәа разааигәахара ирҿырԥшны", - ҳәа иҳәеит Песков.
Иара иазгәеиҭеит Урыстәыла ахы ахьчар шакәу уи аан иҳәеит ар атәымџьарахь ишымнеиуа.
Лавров: Мраҭашәара атәылақәа ахҭысқәа цәгьахарц ауп рхы шымҩаԥырго
Москва НАТО Украина аҵакыра маҷ-маҷ аҽшаланахало иашьклаԥшуеит, уи ианышәарангьы иҟам ҳәа иҳәеит Песков.
"НАТО Украина аинфраструктура, аинструкторцәа, абџьар аларгалоит, украинатәи аруаа разыҟаҵара мҩаԥнагоит", - ҳәа иҳәеит иара.
Песков иажәақәа рыла Москвеи арратә блоки асеиԥш реизыҟазаашьа "ацәаҳәа ҟаԥшь" ахь икылнагар алшоит.
Путин "ицәаҳәа ҟаԥшь": аекспертцәа Урыстәыла ахада "украинатәи" иинтервиу иахцәажәоит