"Аҵаақәа ацитрус змаз зегьы ирԥырхагахеит, Гал мацара акәым. Аԥхьа иҟаз - ҳара ҳҿы 30% аҽаҩра аҵлақәа ирҿаны иаанхаз ԥхасҭахеит. Апты ахьацҳаз акылабаара иалагеит. Иалх-алхны аҿыхра ҳаҿын. Уажәы асоура ашьҭахьгьы аус иацаҳҵап ҳәа ҳгәы иҭоуп. Иҳаҩсыз ашықәс азы амандарин зҭаауа ауаа ҳамамызт, убри аҟнытә ианаамҭазгьы иҳазҿымхит. Уажәы асыцәаакы ахьауз иахҟьаны ихжәаз амахәҭақәагьы ыҟоуп. Арҭ амшқәа аҵаақәа иҟарҵаз аԥхасҭа атәы макьана иҳазҳәаӡом, аха урҭгьы маҷым ҳәа сгәы иаанагоит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Ҭыжәба.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.