Аӡынтәи аныҳәатә ԥсшьарамшқәа рышьҭахь ари амчыбжь азы ашколқәа русура хацдыркит.
"Араион аҟны 1833 –ҩык ашколхәыҷқәа аҵара ахьырҵо, аковид зыхьны иҟоу иахьатәи амш азы ҩыџьа ҳамоуп. Арҵаҩцәа 295 –ҩык ахьыҟоу рҟынтәи хәҩык ачымазара рыласны иҟоуп. Аԥсшьарамшқәа рацәан, уажәы аҵара иагхаз ахәыҷқәа ыҟоуп, нас арҭ аҩымшк ахьҭақәа ыҟоуп, процентла иугозар 10-15 рҟынӡа инаӡозар ҟалап урҭ рхыԥхьаӡара", - иҳәеит Габлиа.
Аицәажәара иаҳа инарҭбааны аудиофаил аҟны ишәаҳар шәылшоит.