Аԥсны

Камантәи аберҭыԥ аганахь ала амашьынақәа рныҟәара ԥкуп ажьырныҳәа 18 инаркны

Аԥкрақәа алагалахоит ажьырныҳәа 18 инаркны аусдкылара ҷыда аҟынӡа.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 18 – Sputnik. Камантәи аберҭыԥ аганахь ала амашьынақәа рныҟәара ԥкуп ажьырныҳәа 18 инаркны ашәарҭадара аиҿкааразы, ҳәа аанацҳауеит Аԥсны ААР.
Аҳәынҭавтоинспекциа аусзуҩцәеи амҩатә маҵзурақәа рхаҭарнакцәеи аберҭыԥ ахь уназго амҩа иахәаԥшит, ашәарҭара уҭазыргыло ақәҵаарақәа аҭыԥ шрымоу азгәарҭеит.
Иҟалоит ҳәа иззыԥшу аҳауатә ҭагылазаашьақәа ирхырҟьаны абри ахырхарҭахь аӡынтә резина зҵам автотранспорт анеира ахәҭамкәа ишьоуп.
Уи адагьы, Каманҟа ишәарҭоу атранспорт ала ацара азин ҟаҵам амҩатә машәырқәа ахылымҿиаарц, аԥсҟы зкуи апассаџьырцәеи рыԥсҭазаара ашәарҭара иҭамгыларц.