Ажьырныҳәа 15 рзы Ҭырқәтәылатәи Ареспублика аҟынтә усутә ныҟәарыла Аҧсны иҭааит ҳџьынџьуаа рделегациа. Уи хадара азиуеит Аԥсуа культуратә хеидкылақәа рфедерациа ахантәаҩы Мураҭ Махариа. Ажьырныҳәа 17 рзы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы имҩаԥысит аминистр Инал Арӡынбеи Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсуа культуратә центрқәа рфедерациа ахантәаҩы Мураҭ Махариеи аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәеи реиԥылара.
Аԥсны инхо Ҭырқәтәыла иҟоу ҳџьынџьуааи ҳареи ҳаимадара азҵаара дазааҭгыло арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны Мураҭ Махариа иҳәеит уи ӡбашьас иҟоу амҩақәа ралхра иаҿуп ҳәа. Астудиаҟны аицәажәара аҭырқәшәа аҟынтә аԥсшәахь еиҭеигон Ҭырқәтәыла Аԥсны ахаҭарнакс иҟоу ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Лазба.
"Иӡбатәны иҟоу азҵаарақәа излаҳаӡбои ҳәа ауп ҳашрыхәаԥшуа, урҭ ӡбашьас ирымоу амҩа алхра ҳаҿуп, иаҳзыӡбаӡом ҳәа иҟоу аус ҳадгылаӡом. Зегь раасҭа ихадоу, ҳәарада, ҳдиаспореи ҳаԥсадгьыли рыбжьара ицәырҵуа азҵаарақәа рҟынтә –аимадароуп, аиҭаниаиааира арманшәалара. Аԥснынтә Ҭырқәтәылаҟа ацареи аареи рзы ахарџьқәа рацәаны иоуеит ауаҩы, ишиашоу аҳаиртә еимадара ҳабжьаӡам. Аимадара азҵаара ӡбатәуп, ҳамчи ҳалшеи зегьы убри иадаҳҵоит. Аиԥылара ҳаман Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистри ҳареи, ахаҵгылара ду ҳбеит, агәра ганы ҳаҟоуп ҳаԥхьаҟа хәҷы-хәыҷы аӡбара ҳалшоит ҳәа",- иҳәеит Махариа.
Аицәажәара иаҳа инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.