Аԥсны

Ԥхынҷкәын анҵәамҭаахыс Аԥсны АҶА 80 былра ҟалеит ҳәа адырра аиухьеит

Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа аӡынразы амцакрақәа мзыз хадас ирымоу далацәажәеит.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 18 – Sputnik. Ԥхынҷкәын 27 инаркны ажьырныҳәа 17 рҟынӡа Аԥсны АҶА адиспетчертә маҵзурахьы 87 дырра ҟарҵеит амцакра иахҟьаны ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит аусбарҭа ахада Лев Кәыҵниа.
Кәыҵниа иажәақәа рыла аӡынразы анхарҭақәа рҟны еиҳа амцакрақәа аҭыԥ рымоуп.
Аминистр иҳәеит афымцатә хархәагақәа ишырхылаԥшлатәу, аиҳаракгьы ахалаҟаҵаратәқәа.
Кәыҵниа иара убасгьы абжьгарақәа ҟаиҵеит ауаџьаҟқәа ианаамҭоу идрыцқьаларц, ирхылаԥшларц.
Уаанӡа Sputnik АҶА апресс-маӡаныҟәгаҩ Роман Лабиа иазеиҭеиҳәахьан амшцәгьақәа ирхырҟьаны аусбарҭа аусзуҩцәа иҷыдоу арежим ала аус шыруа.