Аԥсны

Аӡбарҭа Аҟәа амитинг иалахәыз руаӡәк ишшыԥхьыӡ ахәаԥшра аамҭа инахеит

Ԥхынҷкәын 21 рзы Аҟәа аиҳабыратә хыбрақәа рҿаԥхьа имҩаԥысыз ззин рыҭамыз амитинг ирылахәыз хәҩык ауаа аанкылоуп ихацыркыз ашьаус инақәыршәаны.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 19 – Sputnik. Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ашьаусқәа рзы Ахашшаратә коллегиа Баграт Сармаа идукатцәа рышшаԥхьыӡ ахәаԥшра аамҭа инахеит.
Уи аԥхьа Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа азыӡба аднакылеит Баграт Сармаа ҩажәамш - ажьырныҳәа 28 рҟынӡа даанкылазарц.
Ажьырныҳәа 19 рзы имҩаԥысуаз Ахашшааратә коллегиа реилатәараҿы аҳәынҭқарратә харадҵаҩ аӡбаҩ Роман Кәарҷиа аус ахәаԥшраҟынтәи иқәгаразы азҵаара шьҭырхит, аӡбаҩи Сармаа иани еижәлантәқәоуп ҳәа ҵаҵӷәыс ишьҭыхны.
Аӡбаҩцәа анеилацәажәа ашьҭахь азыҳәа иақәшаҳаҭхеит, аилатәара ахыргеит.
Иахьа Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ашьаусқәа рзы Ахашшааратә коллегиа Баҭал Ҵәыџьба иганахьала Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа азыӡба аԥсахит, жәабран 22 рҟынӡа аҩнытә баандаҩра иқәырҵеит.
Аԥсны
Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Аҟәа амитинг иалахәыз иганахьала азыӡба аԥсахит
Ԥхынҷкәын 21 2021 шықәса рзы Аҟәа аиҳабыратә хыбрақәа рҿаԥхьа имҩаԥысит ззин рыҭамыз амитинг, анаҩс уи аҿагыларатә акциахь ииасит.
Ԥхынҷкәын 23 рзы Аҟәатәи апрокуратура ашьаус хацнаркит ԥхынҷкәын 21 рзы ауаа рацәа злахәыз аилаҩеиласрақәа реиҿкаареи рылахәхареи афакт азы.
Ажьырныҳәа 8 рзы Аҟәа апрокуратура иааннакылеит урҭ аибарххарақәа ирылахәыз хәҩык ауаа.
Ажьырныҳәа 11 рзы Аҟәа ақалақьтә ӡбарҭа Аҟәа имҩаԥысуаз аҿагыларатә акциа алахәылаҩцәа ҩыџьа Баҭал Ҵәыџьбеи Аслан Ҭаниеи рганахьала азыӡбақәа аднакылеит. Баҭал Ҵәыџьба – мызки жәохәымши, жәабран 22 рҟынӡа ихақәиҭра далхәыдатәызарц иқәнаҵеи. Ҭаниа жәохәымш - ажьырныҳәа 23 рҟынӡа.
Рамаз Џьопуа – хәажәкыра 22 рҟынӡа аҩнытә баандаҩра даҵакызарц. Анрик Инаԥшьба мызкы ҳәа - жәабран 8 рҟынӡа дбаандаҩызарц иқәырҵеит. Баграт Сурмаа ажьырныҳәа 28 рҟынӡа дҭактәуп ҳәа азырыӡбеит, Ҵәыџьба мызки жәохә мши - жәабран 22 рҟынӡа.