Агәабзиарахьчараз адунеизегьтәи аиҿкаара: "омикрон" ашьҭахь аштамм ҿыцқәа цәырҵуеит

Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла аштамм 110 тәыла рҿы иазгәарҭахьеит, Урыстәылагьы налаҵаны.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 19 - Sputnik. Агәабзиарахьчараз адунеизегьтәи аиҿкаара адиректор Тедрос Адханом Гебреиесус "омикрон" ашьҭахьгьы аштамм ҿыцқәа цәырҵуеит ҳәа иҳәеит абрифинг аҿы. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Апандемиа макьанагь иҳалҵран иҟам. Адунеи аҿы "омикрон" алаҵәара шцо ала, авариант ҿыцқәагьы цәырҵыр ҟалоит", - иҳәеит Гебреиесус.

Агәабзиарахьчараз адунеизегьтәи аиҿкаара ахада иазгәеиҭеит аштамм ҿыцқәа рцәырҵра ишашьклаԥшлатәу.
Гебреиесус иара убасгьы иҳәеит "омикрон" уаанӡатәи аштаммқәа раасҭа имарианы иухугар шауагьы, усеиԥш азнеишьа гхоуп, избанзар уи иахҟьар алшоит аԥсыҭбарақәагьы, ахәшәтәырҭа аҭашәарақәагьы ҳәа.
Гинцбург "Спутник V" омикрон-штамм аҟынтә хра амоуп иҳәеит
Акоронавирус омикрон-штамм, B.1.1.529, аарԥшын Ботсванеи Аладатәи Африкеи абҵарамзазы. Аҟазауаа ишырҳәо ала, иара шьҭыркаар рылшоит ачымазара зхызгахьоугьы, алаҵа ҟазҵахьоугьы. Иара акыр еиҳа иццакны ирылаҵәоит авариант "дельта" аасҭа.