Аԥсны

Анцәа Иӡаахра амш: Аҟәатәи ауахәамаҿы аныҳәатә матанеира шымҩаԥысыз

Аиашахаҵаратә қьырсианра иаҵанакуа ауахәамақәа рҟны имҩаԥысит Иаса Қьырса Иӡаахра иазку Анцәа имҵаныҳәара.
Sputnik
Иаҳхылаԥшхәу Иӡаахра амш - ажьырныҳәа 19, адунеи ақьырсианцәа зегьы ирзеиԥшу ныҳәоуп.
Аныҳәа традициа хаданы иазыҟоуп аӡы аԥшьара. Аӡы рыԥшьоит ажьырныҳәа 18 ауха инаркны ажьырныҳәа 19 аҽназгьы. Ари аӡы ацәеижьи адоуҳаи арыцқьоит ҳәа иԥхьаӡоуп. Анцәа дхазҵо маҷҩымкәа Акафедралтә уахәамахь инеит аӡыԥшьа аҩныҟа иргарц. Иара убасгьы ари амш аҽны имҩаԥыргоит аӡаахрақәа.
Ажьырныҳәа 19 (ажәытә стиль ала ажьырныҳәа 6) рзы Аӡаахра амшныҳәаз Анцәа дхазҵо иргәаладыршәоит Иаса Қьырса Галилеинтәи аӡиас Иордан ашҟа дышнеиз иҽӡааихырц азы. Иара аӡы данҭыҵуаз адунеи зегьы ирбарҭахеит Анцәа-Аб, Анцәа-Аԥа, аҳәыҳә асахьа зманы Иаса Қьырса ижәҩахыр иқәтәаз Анцәа-Иԥшьоу идоуҳа. Аныҳәа иара убасгьы Анцәаибара ҳәа иашьҭоуп.