Гинцбург "Спутник V" омикрон аҿагылашьа ахәшьара аиҭеит

Иҟоу астатистика инақәыршәаны, Москва иахьазы ичмазаҩу рҟынтә аштамм ҿыц ахԥатәик идбалоуп.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 19 – Sputnik. XVI ахшараиуратә медициназ жәларбжьаратәи аконгресс аҟны Н. Ф. Гамалеи ихьӡ зху Ацентр аиҳабы Александр Гинцбург иҳәеит урыстәылатәи алаҵа "Спутник V" омикрон-штамм аҿагыларатә лшара 75% иҟоуп ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
Аҳақьым "омикрон" зԥырхагам ртәы далацәажәеит
Аҵарауаҩ иҳәеит "Спутник V" аус шадырулоз COVID-19 уаанӡатәи авариантқәа рҿаԥҽразы шакәыз, аха авирус иааҟәымҵӡакәа аҽеиҭанакуеит. Убас алаҵа омикрон-штамм аҿагылараҿы алшарақәа аантә рҟынӡа илаҟәуп. Ус шакәугьы аштамм аҽацәыхьчаразы иазхоит.
Иазгәаҭатәуп, ари арбага егьырҭ алаҵақәа рырбагақәа ишреиҳау. Урҭ рылаҟәра 21 рҟынӡа илаӡоит.
"Убри азы иуҳәар ҟалоит иахьазы хра бзиа змоу алаҵа ҳамоуп ҳәа" - иҳәеит Гинцбург.
Аҵарауаҩ иҳәеит "Спутник Лайт" ала аиҭалаҵаҟаҵара шықәсыбжак анаҩс 100% ахьчара алшоит ҳәа. "Спутник" аиҭалаҵа аҟаҵара мап ацәызкуа рҿы иамоу алшара 6-12 мзы рышьҭахь 56-57% рҟынӡа икаҳауеит.
Уаанӡа адырра ҟаҵан Гамалеи ицентр аҟазауаа иҿыцу, зеилазаара еиҳа иеилоу алаҵа аԥҵара аус шадыруло.
Гинцбург "Спутник V" омикрон-штамм аҟынтә хра амоуп иҳәеит