Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Бранӡиа Жәлар Реизарахь алхрақәа рҽазыҟаҵара атәы

Алхратә комиссиа хада алахәыла Алиас Бранӡиа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа рымҩаԥгаразы аҽазыҟаҵарақәа шцо атәы.
Sputnik
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп 2022 шықәса хәажәкыра 12 рзы. Адепутатрахь иалххоит 35-ҩык.
Аԥсны алхратә комиссиа хада Жәлар Реизарахь алхрақәа разырхиареи рымҩаԥгареи рымзартә план шьақәнарӷәӷәеит. Уи инақәыршәаны ажьырныҳәа 21 рҟынӡа ихыркәшазароуп алхратә ҭыԥқәа рҳәаақәа рышьақәыргылара, алхыҩцәа рхыԥхьаӡара, алхырҭатә комиссиақәа рҭыӡҭыԥқәа арбаны асиақәа реиҿкаареи ркьыԥхьреи. Ажьырныҳәа 31 рҟынӡа иазырхиазароуп алхырҭатә ҭыԥқәа, урҭ ркомиссиақәа еиҿкаатәуп.
Ҿыц иалху Алхратә комиссиа хада алахәылацәа ари аус рышҽазыҟарҵо атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит акомиссиа алахәыла Алиас Бранӡиа.