АҞӘА, ажьырныҳәа 20 – Sputnik. Аклуб "Валдай" аҟны иқәгылараан Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Сергеи Риабков иҳәеит Урыстәыла Европа аибашьра иалагарц агәы иҭам ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
"Агәра ганы сыҟоуп аибашьра ахы ыҵнахып ҳәа шәарҭарак шыҟам Европа ма аҽаџьара", - ҳәа иҳәеит иара.
Риабков иазгәеиҭеит урыстәылатәи ар рҵараҽазыҟаҵареи рынеиҭаҵааиҭаҵреи ахьымҩаԥысуа атәыла аҵакыраҿ ауп, Украина ақәлара Москва ахахьгьы иҟам ҳәа.
Убри аан адипломат иҳәеит Урыстәыла агәылацәа ааигәақәа Украинеи Қырҭтәылеи Аҩадаатлантикатәи алианс раламлара адәныҟаполитика амшхәаԥштә азҵаара хадақәа ируакуп ҳәа. Урыстәыла аҳәаақәа рааигәара атәымтәылақәа рырратә базақәа рыҟалара Кремль зақәшаҳаҭхом, уи азы иамоу адипломатиатә арсенал зегьы ахы ианархәоит ҳәа.
Уаанӡа Москва мраҭашәаратәи апартниорцәа ирыднаҵеит НАТО мрагыларахь аҽамырҭбааларци алианс ахь Украинеи Қырҭтәылеи рыдрымкыларци.
Ажьырныҳәа 12 рзы Бриуссель имҩаԥысуаз асаммит Урыстәыла – НАТО реиԥылараҿ аганқәа акомпромисс изазкылымсит.