Аԥсны

Рыҭрақәа ԥхоуп, рыфатә бзиоуп: аҟәатәи амаамынқәа аӡынра шырхырго

Аҟәатәи амаамынҭраҿы иахьазы жәеиза маамын хкы иреиуоу 600 хы ыҟоуп.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 20 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аӡынтәи ахьҭақәа Аҟәатәи амаамынааӡарҭаҿы рҽазырхианы иҟан, ицәгьамкәа ирхыргоит ҳәа лҳәеит Sputnik Аԥсны аинтервиу азҭаз амаамынааӡарҭа аҭҵаарадырра-приматологиатә музеи аиҳабы Альдона Салаҟаиаԥҳа.
1 / 3

Аҟәатәи амаамынқәа аӡынра шырхырго

2 / 3

Аҟәатәи амаамынқәа аӡынра шырхырго

3 / 3

Аҟәатәи амаамынқәа аӡынра шырхырго

"Алашара еиԥҟьарада ианыҟоу рҭагылазаашьа бзиоуп, рыҭрақәа ԥхоуп. Иҟоуп аԥхарра ҷыдала бзиа избо амаамынхкқәа – иапониатәи амакакақәа, акапуцинқәа, алемурқәа. Иҟоуп адәы иқәло амаамынқәагьы", - лҳәеит лара.
Салаҟаиаԥҳа илҳәеит амаамынааӡарҭаҿы алашара имаҷны ишеиԥҟьо, убри азы урҭ рыҭрақәа еснагь иԥхоуп ҳәа.
"Иҟоуп амаамынқәа адәы иқәланы асы илахәмаруазгьы", - лҳәоит лара.
Аԥхарра бзиа избо амаамынқәа зы рыфатә еиҳа иацклаԥшуеит. Ауҭраҭых, акәтаӷь, ақашь рырҭоит.
"Иреиҳау проблеманы иаҳзыҟоу арахь уаазго автомашьынатә мҩа ахьыбааԥсу ауп. Амардуан акыр иԥшӡоуп, аремонт азууп, аха амашьынатә мҩа аҭагылазаашьа бзиам. Ҳара ҳхаҭагьы ҳацәшәо ҳхалоит. Иара убасгьы иҳамоуп аремонт зҭаху ахыцқәа", - лҳәеит Альдона Салаҟаиаԥҳа.
Амаамынааӡарҭа 1927 шықәса рзы иаартын Николаи Семашко зхадараҿы дыҟаз аҵарауаа раԥшьгарала. Аԥхьатәи аԥышәатә усурақәа мҩаԥган 1920-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭазы.
Заанаҵы рҽазыҟарҵеит: Аҟәатәи аботаникатә баҳчеи амаамынқәа рпитомники аслеира иазыхиан