Захарова Баиден ажурналистцәа Урыстәылаз ирҭоз азҵаарақәа ҭакԥхықәрада ирызнеит лҳәеит

ЕАА ахада Џьо Баиден ахаша апресс-конференциа мҩаԥигеит атәыла ахада иаҳасабала шықәсыктәи иусура иазкны.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 20 - Sputnik. Урыстәыла ААР аофициалтә хаҭарнак Мариа Захарова ЕАА рхада Баиден америкатәи ажурналистцәа Урыстәылаз ирҭоз азҵаарақәа ҭакԥхықәрада ирызнеит ҳәа рхылҳәааит, урҭ рызҵаарақәа рҿы НАТО Мрагыларахь аҽырҭбаара агәы иахьҭоу атәы мҳәакәа, Украина акәшамыкәша иҟоу аескалациа Урыстәыла апланқәа роуп изыхҟьаз ҳәа акәын ирҳәоз.
"Оумашәа иубартә иҟоуп америкатәи ажурналистцәа апресс-конференциаҿ "Урыстәыла Украина иақәлеит" ҳәа иахьалацәажәоз, ахаангьы НАТО Мрагыларахь аҽаарҭбаара аӡбахә рмаҳацызшәа. Ма ари ихыҭхәыцу акакәу? Сгәы иаанагоит ҭакԥхықәрадароуп ҳәа", - лыҩуеит Захарова Telegram-канале аҿы.
Лара илҳәеит америкатәи ажурналистцәа Вашингтон Киев шарцыхцыхуа рзымдыруашәа рхы мҩаԥыргоит ҳәа.
Песков: Украина ааигәара Урыстәыла ар гылазароуп ҳәа иҳаԥхьаӡоит
Урыстәыла изныкымкәа Мраҭашәареи Украинеи аҿаԥнаҽхьеит, аӡәгьы ишиԥырхагам иныҭкааны иаҳәахьеит, аӡәгьы иқәлара шагәҭакым шьақәнарӷәӷәахьеит, "Урыстәыла агрессиа" дара рхымҩаԥгашьа ариашаразы рхы иадырхәоит ҳәа иашьоит.
Убри аан Киеви мраҭашәаратәи аҳәынҭқаррақәеи аҵыхәтәантәи аамҭазы агәҽанызаареи агәҭынчымреи аадырԥшуеит Урыстәыла ар Украина аҳәаақәа рааигәара аҟазааразы. Урыстәыла ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла ар иара аҵакыраҿы иахьаҭаху еиҭанагалоит ҳәа, уи аӡәгьы агәҭымчымра изцәырнамгалароуп ҳәа.