Аԥсны

Апарламент ахь адепутатцәа алызхуа агәыԥқәа ашәҟәы рҭагалара иалагеит

Апарламент ахь адепутатцәа алзхуа аполитикатә партиақәеи аԥшьгаратә гәыԥқәеи ашәҟәы рҭагалара мҩаԥысуеит ажьырныҳәа 21 инаркны жәабран 10 рҟынӡа.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 21 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Алхрақәа разырхиареи рымҩаԥгареи рзы ауснагӡатә хадақәа инақәыршәаны Алхратә комиссиа хада адепутатцәа алызхуа аполитикатә партиақәеи аԥшьгаратә гәыԥқәеи ашәҟәы рҭагалара иалагеит, ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит АКХ аҿы.
Адепутатрахь акандидатцәа ашәҟәы рҭагала мҩаԥысуеит 2022 шықәса жәабран 10 инаркны хәажәкыра 2 рҟынӡа. Абри азы акьыԥхь аҿы адырра ҟаҵатәуп аҭаҩра ашьҭахь ԥшьымш ирхымгакәа.

Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥгахоит хәажәкыра 12 азы.

Апарламент ахь адепутатцәа алзхуа аполитикатә партиақәеи аԥшьгаратә гәыԥқәеи ашәҟәы рҭагалареи акандидатцәа рықәыргылареи мҩаԥысуеит алхра амш мызк шагу. Арзаҳалқәа рыдыркылалоит ашәахьа инаркны асабшанӡа асааҭ 9:00 - 20:00 рзы.
Адокументқәа анрыдыркыла амш инаркны жәамш рыҩнуҵҟа АКХ акандидат ашәҟәы дҭанагалар ма аҵаҵӷәы аҭаны ашәҟәы иҭагалара мап ацәнакыр алшоит.
Асиақәа алхырҭатә ҭыԥқәа рҿы абжьыҭара жәамш шагу ицәыргазароуп.
Аԥсны
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа разырхиареи рымҩаԥгареи рыплан шьақәырӷәӷәоуп
Алхратә закәанԥҵара инақәыршәаны алхратә комиссиақәа алхрақәа мышкы-ҩымш шрыгу абиулетенқәа рырҭароуп.
Адепутатрахь кандидатс зхы ықәзыргыло дарбанзаалак алхрақәа рымш аҽны 25 шықәса ихыҵхьазароуп. Адепутатс дзыҟалаӡом аусӡбара иақәшәахьоу, анаркотикатә маҭәашьарқәа здызкыло, аҩыжәра иазгагоу, аԥсихикатә чмазара змоу атәылауаҩ. 18 шықәса зхыҵхьоу Аԥсны атәылауаа зегьы азин рымоуп абжьыҭара.
АКХ аҿы аҽҭаҩразы аԥшьгаратә гәыԥ еизнагароуп 200 - 250 напынҵамҭа. Аполитикатә партиа АКХ аҿы иҭарыҩуеит нас аизара ду аҿы депутатс иқәнаргыло икандидатуразы аӡбара аднакылоит.
Иалхуп ҳәа ирыԥхьаӡоит акандидатцәа, алхра зхы алазырхәыз рҟынтә абжьқәа еиҳаны изауз.
Арадио
Хра злоу ахҭысқәа: Бранӡиа Жәлар Реизарахь алхрақәа рҽазыҟаҵара атәы
Алхрақәа иазԥхьагәаҭаз рҟынтә 25% еиҵаны иалахәхазар, алхрақәа шьақәымгылеит ҳәа ирԥхьаӡоит.
Аҩбатәи атур аан кандидаткгьы далрымхзар, АКХ ҩаԥхьа алхрақәа рымҩаԥгаразы аӡбамҭа аднакылоит. Абиуллетен ҩыџьа инареиҳаны акандидатцәа алагалазар, аха урҭ рахьтә аӡәгьы далрымхыр, АКХ ишьақәнарӷәӷәоит зегь реиҳа абжьқәа зауз ҩыџьа акандидатцәа злахәу аҩынтә раан алхрақәа. Аҩбатәи атур мҩаԥыргоит актәи атур ашьҭахь ҩымчыбжь ирхымгакәа. Далххоит абжьыҭара иалахәу рхыԥхьаӡара иахьмырԥшыкәа абжьеиҳа зауз.
Иалху адепутатцәа АКХ ашәҟәы иҭанагалоит абжьыҭара ашьҭахь бжьымш ирхымгакәа.