Поклонскаиа Россотрудничество ахада ихаҭыԥуаҩ иҭыԥ лоур ҟалоит

Уаанӡа аинформациа рыларҵәан Поклонскаиа Кабо-Верде цҳаражәҳәаҩыс лыҟалара ҟалом ҳәа.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 21 – Sputnik. Аҳәынҭдума уаанӡатәи адепутат Наталиа Поклонскаиа Россотрудничество ахада ихаҭыԥуаҩ иҭыԥ лоур ҟалоит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.
"Наталиа Поклонскаиа Россотрудничество ахада ихаҭыԥуаҩ иҭыԥ лоур ҟалоит", - ҳәа азгәеиҭоит амаҵзура зыҿцәажәоз ахаҿы.
Поклонскаиа лхаҭа илҳәеит макьаназы ари азҵаара алацәажәара шзаау.

"Иарбан маҵзуразаалак аҟны аусура сазыхиоуп сыжәлари стәылеи ирыхәарҭаны иҟазар", - лҳәеит лара Россотрудничество аҟны аусура дахцәажәо.

Поклонскаиа уи инацҵаны хҳәаа ҟалымҵеит.