Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Кәаӡԥҳа ихыҵны ирыҵало аӡы рынхара аԥхасҭа шанаҭо иазкны

Гәдоуҭа, Замостианка аҳаблан инхо Ҷоҷуаа рҭаацәара лассы-лассы аӡиас Гәдоу ахыҵра иахҟьаны рынхара-рынҵыра аԥхасҭа ӷәӷәа анаҭоит. Ауадаҩрақәа ыҟоуижьҭеи акыр шықәса ҵуеит, аха иахьа уажәраанӡа аӡбра залмыршахеит, ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит аԥшәаԥҳәыс Диана Кәаӡԥҳа.
Sputnik
"2010 шықәса раахыс аӡы ҳаҵалоит мызкы - ԥшьынтә, ӡынгьы-ԥхынгьы. Уаанӡа ас иҟаӡамызт, сара ара сынхоижьҭеи 36 шықәса ҵуеит. Аҵыхәтәантәи 12 шықәса раахыс абри аҩыза ҳаниоит. Ақалақь ахадара рхаҭарнакцәа иааиуеит, иахәаԥшуеит, ицоит. Ҳара ҳанҵәаха аӡы ҳахтәалоуп, аиашазы шьҭак иаҳзычҳауам. Ахаҳә уршыргьы иԥжәоит ҳәа баша ирҳәом. Ирдыруеит, ауадаҩраа шыҟоу, рышә ҳалагылаӡам, аха атехника зны аус ауӡом, зны даҽаџьара иҟоуп. Ҳара ҳада мызкахьы ԥшьынтә аӡы зҵало ҳәо аӡәгьы дыҟаӡам. Агәара аанымхеит, ичаԥаны иҟаз зегьы ԥнаҽит", - лҳәеит Диана.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.