"Фатәыла-жәтәыла еиқәшәоуп, убри ауп зегь реиҳа ихадоугьы. Алашара аныҟоу рыҩнқәа ԥхоуп. Ашықәс ҿыц ҳанҭала инаркны алашара ацентр аҿы усҟак идырцәаӡом. Ҳшәангьы уиаҟара ҳалацәажәаӡом. Ауадаҩрақәа ҟалар, амаамынқәа рыҩнқәа злаҳарԥхо ҳауӡом, афатә ԥха ҟаҵаны ахәыҷқәа реиԥш акрырҿарҵоит. Аҩнуҵҟа иҭаркуеит, адәахьы идәырлыжьӡом зынӡа. Аҳақьымцәа рхылаԥшуеит. Кыраамҭа ҵхьеит ус еиԥш ҳақәымшәеижьҭеи. Асы анауаз сдәылҵны срыхәаԥшуан, гәахәаран сара сызгьы рыцклаԥшра, избанзар, ахәыҷы раԥхьа асы анибо дшеигәырӷьо еиԥш, убыс еигәырӷьон даргьы. Иҟан амаамынқәа асы иалахәмаруаз, ишьҭыхны агьама збозгьы. Асҟаамҭа аус зуеит, аха избаз даара сеигәырӷьеит", - ҳәа еиҭалҳәеит Салаҟаиаԥҳа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.