Урыстәыла ААР НАТО иаднагалоит Румыниеи Болгариеи рҟынтә ар алнагарц

2022 шықәса ажьырныҳәа 10 рзы Женева имҩаԥысит Европа ашәарҭадараз Урыстәылеи ЕАА-и рделегациақәа реиԥылара. Ажьырныҳәа 12 азы Бриуссель имҩаԥысит Урыстәыла- НАТО рхеилак аилатәара.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 21 – Sputnik. Европатәи аконтинент аҿы ашәарҭадаразы Урыстәыла Аҩада Атлантикатәи алианс иаднагалаз ажәалагалақәа ирыҵанакуеит 1997 шықәса рышьҭахь аилазаара иалалаз Румыниеи Болгариеи рҟынтә ар ықәнагарц ҳәа аҳәоит аусбарҭа апресс-конференциаҿы АИХқәа рҩыратә зҵаарақәа рҭакқәа рҟынтәи. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
"1997 шықәса рзы НАТО иалахәымыз атәылақәа рҵакыраҟынтәи аҳәаанырцәтә мчқәеи арратә техникеи ралгароуп зыӡбахә ҳәо. Арахь иаҵанакуеит Болгариеи Румыниеи", - ҳәа аҳәоит адокумент аҿы.
НАТО егьырҭ атәылақәа, Урыстәыла аҩызара змоу Швециеи Финлиандиеи алианс ралагалараз аҽазышәара урҭ рыдәныҟаполитика ақәыӷәӷәара аҭароуп иаанаго ҳәа иашьоит Москва.
Аусбарҭаҿы иазырыԥхьаӡоит ЕАА аҭаххарала аконтинент аҿы НАТОи Евроеидгылеи аҭагылазаашьа аибарххарахь инаргоит, иҟоу аамҭақәа рзы аҳәынҭқаррақәа аилазаара аҭыҵтә аҭагылазаашьа еиҳа ашәарҭадара алзыршо усуп ҳәа.
Риабков Урыстәыла Европа аибашьра иалагарц агәы иҭам иҳәеит
Ииасыз ашықәс ԥхынҷкәынмзазы Москва аилазаара уаанӡатәи асовет тәылақәа арратә усеицура иаҟәыҵырц, дара рҵакырақәа рҿы арратә базақәа раԥҵара мап ацәыркырц, Урыстәыла аҳәаақәа рааигәара ажәыларатә хархәагақәа дмыргылаларц, Европантәи Америкатәи аиадертә бџьар ықәыргарц, НАТО мрагыларахь аҽшамырҭбаауазы ахәдықәҵара аиурц, Қырҭтәылеи Украинеи алианс иалагаламхарц азы адҵа ҟанаҵоит алианс аганахь ала.
"ЕААи Урыстәылеи рыбжьара узхымсша еимакык ыҟаӡам. Ҳколлегацәа рҟынтә аполитикатә ҭаххароуп ҳаззыԥшу", - рҳәоит аминистрраҿы.
Урыстәыла азыԥшуп ОБСЕ ахеилак аилатәара аҳәаақәа ирҭагӡаны ашәарҭадаразы аҭак жәалагалақәа риура. Арҭ апроекттә документқәа хаз-хазы рҭак аҭахны иҟоуп ҳәа азгәарҭеит Урыстәыла ААР аҿы.
Столтенберг Урыстәыла ахымҩаԥгашьоуп НАТО аҽырҭбаара мзызс иамоу ҳәа иҳәеит