Аԥсны

Бадра Гәынба Ҭырқәтәылатәи аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа дырԥылеит

Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 22 – Sputnik. Аԥсны аҳәынҭқарра ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа диаспора рхаҭарнакцәа дырԥылеит, абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Аԥсны
Аимадарақәа рырӷәӷәаразы: ҳџьынџьуаа Аԥсны имҩаԥыргаз аиҿцәажәарақәа рылҵшәақәа рҳәеит
Аиԥылараҿы ирылацәажәеит ҳџьынџьуаа ирызку хра злоу азҵаарақәа, ахәҭакахьала рҭоурыхтә ԥсадгьыл ашҟа рырхынҳәара.
Аиԥылараҿы иара убасгьы иазааҭгылан, ҳбызшәеи ҳкультуреи реиқәырхара, Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа диаспареи ҳареи ҳабжьара аидгылареи аимадарақәа рырӷәӷәареи реиԥш иҟаз азҵаатәқәа.