Арадио

Ешба еиҭеиҳәеит, Аԥсны жәлар Рконгресс ихы алархәра ахәҭаны изыиԥхьаӡаз

Аԥсны жәлар рконгресс алахәылацәа раионцыԥхьаӡа иалхуп. Иҟоума иахьазы уи еиԥш иҟоу хаз игоу амчра аԥҵаразы аҭахра, ишԥарбо аконгресс ароль алахәылацәа, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит, Гьачрыԥшь аҳабла ахаҭарнак, аҭыԥантәи ашкол адиректор Махаз Ешба.
Sputnik
"Аԥсны ахьынӡаназааӡа иаԥырҵоит еиуеиԥшым аиҿкаарақәа, сгәы иаанагон даҽа џьоукы ҳгәы шԥарфеи ҳәа. Аха ҳанеиҿцәажәа, даара исгәаԥхеит, схала ахәшьара бзиагьы асҭеит. Аконгресс алахәалацәа уаҵәтәи ҳаԥсҭазаара еиӷьхар зҭаху уаауп. Уи ауп сзақәшаҳаҭхазгьы Аконгресс схы алархәра. Аԥсуа қыҭақәа иахьа ирымоу ауадаҩрақәа аилкааразы аусура бзиа мҩаԥган. Ҳаекономика даара ихьысҳауп, аконгресс аиҿкааҩцәа изқәылаз амҩа рзынагӡар, ҳкультурагьы, ҳҵарагьы, ҳаԥсуарагьы, ҳхатәы бызшәагьы бзиахоит. Аекономикагьы анырра анаҭоит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Ешба.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.