ТАМШЬ, ажьырныҳәа 18 – Sputnik, Наала Гәымԥҳа. Тамшь иаатит Апсни Урыстәылеи рыхәмарҩцәа злахәу раԥхьаӡатәи жәларбжьаратәи ашахматтә еицлабра "Аԥсны.Тамшь-Village 2022".
"Ишәыдысныҳәалоит раԥхьаӡатәи жәларбжьаратәи аицлабра "Тамшь-Village" аартра", - ҳәа иҳәеит Аԥсны ашахмат азы Афедерациа ахада Константин Ҭыжәба аицлабра аартуа.
Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит, ашахматтә еицлабра есышықәса Тамшь ишымҩаԥгалахо. Раԥхьатәи ахәмаррақәа рхы рыладырхәоит Аԥсни Урыстәылеи рҟнытә 90-ҩык ашахмат асыҩцәа. Зегь иреиҵбу быжьшықәса ихыҵуеит, зегьы иреиҳабу 73 шықәса.
Аԥсны аҵареи абызшәатә политикеи рминистр Инал Габлиа ашахматтә еицлабра алахәылаҩцәа ирыдеиныҳәалеит.
"Ҳаҭыр зқәу асасцәа, Урыстәылатәи Афедерациа аҟынтәи иаҳзааз, ишәыдысныҳәалоит ҳазҭалаз 2022-тәи ашықәс. Ишәзеиӷьасшьоит аиааира ҿыцқәа, аманшәалара Тамшь шәызлаху раԥхьаӡатәи жәларбжьаратәи аицлабра аҟны", - ҳәа азгәеиҭеит иара.
Ашахматтә еицлабра "Аԥсны.Тамшь-Village 2022"
© Sputnik / Леон Адлейба
Ажьырныҳәа 22 инаркны 23-нӡа асасааирҭа Тамыш-Village аҟны еицлаблоит шәҩык инареиҳаны Аԥсни Урыстәылеи ашахмат ахәмарыҩцәа.
Аицлабра алахәылацәа асоциалтә бжьаӡара азгәаҭаны, асабрадақәа рҿаҵаны, арзҩыдаратә хархәагақәеи лакьысрада ашоурашәареи азгәаҭаны ҩ-залк рҿы ихәмаруеит.
Раԥхьаӡатәи жәларбжьаратәи атурнир "Аԥсны.Тамшь-Village 2022" мҩаԥысоит аинформациатә хеилак Sputnik Аԥсны адгыларала.