Абиткоин ахә ԥхынгәымзазы еиҵаӡоуп ҳәа иршьаз ахә аасҭа еиҵахеит

2021 шықәса ԥхынгәымзаахыс абиткоин ахә раԥхьаӡа акәны 35 нызқь доллар раасҭа еиҵахеит.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 23 - Sputnik. Асабша абиткоин ахәԥса 9% рыла илаҟәит, убас ала 2021 шықәса ԥхынгәымзаахыс абиткоин ахә раԥхьаӡа акәны 35 нызқь доллар раасҭа еиҵахеит. Абри аҩыза адыррақәа ҟалеит ахәаахәҭрақәа рышьҭахь.
Акриптовалиутақәа ахьырхәҳауа иреиҳаӡоу абиржа Binance аҿы ажьырныҳәа 22 рзы ҽынла абиткоин ахә каҳаит 8,9% рыла — 35,4 нызқь доллар артәеит.
Апортал CoinMarketCap адыррақәа рыла, 20 биржа рдыррақәа ԥхьаӡаны еилнакааит абиткоин 9% инареиҳаны рыла ишылаҟәыз — 34,9 нызқь доллар иҟалнеит. Адинамика уахыки-ҽнаки иҟаз аҭирақәа рыҳасаб абоит.