Аԥсны

Аиқәырхаҩцәа амца зкыз ауаҭах аҟынтәи абдуи имаҭеи рдәылгара рылшеит

Ҩымш рыла Аҟәа аҩнқәа ҩба амца ркит.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 23 - Sputnik. Аԥсны АҶА аиқәырхаҩцәа хаҵа быргки уи имаҭеи еиқәдырхеит Аҟәа Сахаров имҩаҿы иҟоу амца зкыз ауаҭах аҟынтәи. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Ауаҭах амца шакыз азы АҶА ахь адырра ҟалеит ашьыжь ажьырныҳәа 22 рзы. Иазгәаҭоуп асасааирҭа уадаҿы адиван амца шакыз, уи иахҟьаны алҩа ӷәӷәаны иҩначит.
Уи амшала абдуи амаҭеи ауаҭах адәылҵра рылымшеит.
Амашәыр ахьыҟалаз аҭыԥ ахь инеит амцарцәаратә гәыԥқәа ҩба. Амцарцәаҩцәа ҩналаны абдуи амаҭеи аҵәыҵәритә сабрадақәа рҿарҵан амца зыҩназ ауаҭах идәылыргеит.
Аԥсны
Аҟәа ахатәы аҩнеихагыла блит
Амҽыша ажьырныҳәа 23 рзы Аҟәа Ешба имҩаду аҿы ахатәыҩны амца акит. Уи дырцәарц аҭыԥ ахь асааҭ 07:30 рзы инеит амцарцәаратә гәыԥқәа ҩба.
Амцарцәаҩцәа амца арцәара рылшеит, уадак ауп иблыз. Аҩнаҿы инхоз ауаа ианаамҭаз идәылган, аӡәгьы акгьы имыхьӡеит.
Аԥсны
Ԥхынҷкәын анҵәамҭаахыс Аԥсны АҶА 80 былра ҟалеит ҳәа адырра аиухьеит