Ермантәыла ахада Армен Саркисиан ԥхьатәара дцеит

Армен Саркисиан Ермантәыла ахадас дыҟан 2018 шықәса раахыс.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 23 - Sputnik. Ермантәыла ахада Армен Саркисиан ԥхьатәара дцеит, абри атәы аанацҳауеит иара исаит аҿы икьыԥхьу аҳәамҭа.
Саркисиан иҟаиҵаз аҳәамҭаҿы иазгәеиҭеит Ермантәыла ахада имаҵура шаанижьуа аҩнуҵҟатәии адәныҟатәии аполитика анырра рыҭаразы лшара ҳәа акгьы ахьимам азы.

"Ҳтәыла иуадаҩу аетап аҿы иааины иҟоуп, уажәы иаҭаху амилаҭтә акзаароуп, атәыла ахада иҭыԥ уҳәан-сҳәан ахуҳәаартә иҟамзароуп, ацәгьахәыцрақәа адумҳәалароуп, убри алагьы ауаажәлар ихадоу апроблемақәа рызхәыцха рымҭакәа, иахьахәҭам рхы дырхартә иҟамлароуп", - ҳәа аанагоит атәыла ахада иажәақәа Sputnik Ермантәыла.

Саркисиан инаҵшьны иазгәеиҭеит иара иҟаиҵаз ашьаҿа емоциала акәым, логикала дшазнеиз.