Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аспектакль "Аҽацә лас" ықәдыргылараны иҟоуп. Аспектакль шьаҭаc иамоуп Даур Занҭариа икиносценари. Аусумҭа арежиссиор-ақәыргылаҩ - Адгәыр Ақаҩба.
"Ақәыргыламҭа ҿыц аус адулара алагамҭаз ақәыргылаҩ ацехқәа рнапхгаҩцәа иреилиркаауеит исахьаркыратә хықәкы. Егьырҭ зегьы шьҭа иазхәыцроуп аус анагӡаразы иҟоу алшарақәа ртәы. Иԥхьаӡатәуп иаҭаху амаругақәа: адекорациа ашьақәыргыларазы, акостиумқәа раахәаразы. Иԥхьаӡатәуп иаҭаху ахарџь, техникатә лшарақәас иҳамоу аидеиа аԥсҭазаараҿы анагӡаразы еилкаатәуп. Абарҭ зегьы ирызхәыцны ацехқәа рнапхгаҩцәа ражәалагалақәа ҟарҵароуп дук хара имгакәа. Анаҩс акультура аминистррахь идәықәҵахоит ҳагәҭакы, ахарџь азҵаара нацҵаны, нас аҭак ашьҭахь ауп хаҭала арольқәа ршара ҳаналаго. Аҿҳәарагьы убасҟан ауп ианеилкаахогьы", - ҳәа еиҭеиҳәеит Ҷолокуа.
Аԥсуа драматә театр аиҳабы иҳәеит еиҭа ҩ-усумҭа ҿыцк, "Сариеи" "Апринц хәыҷи" ахәаԥшцәа дырбаразы иахьынӡазыхиоу, иара убас, егьырҭ аспектакльқәа атеатр аилазаараҿы иҟоу рзы аҽазыҟаҵарақәа шымҩаԥысуа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.