"Аҟәа араион аҟны 10 школк аус руеит. Аӡынтәи арԥхаратә сезон ианаамҭаз ҳазхиан. Иҟоуп мҿыла арԥхара ахьымҩаԥысуа ашколқәа, егьыс арԥхагақәа ахьырзыҩнагылоу, акондиционерқәа ахьыҟоу. Асы анлеи ашьҭахь иахьықәҵааз ақыҭақәа рҟны аҵаҩцәа ашкол ахь иахьзымнеизгьы ыҟоуп. Ашәахьаҽны ахәыҷқәа зегьы зымнеиргьы, асезонтә ахьҭалаларақәа ирыхҟьаны, ҳгәаанагарала, ашкол ахь егьырҭ инеиуа ҟалоит.
Аҿкчымазара цәырҵыижьҭеи 48-ҩык арҵаҩцәа ирыхьхьеит, иахьазы аӡәы иԥсыҽны ихигоит. Аҵаҩцәа 11-ҩык ирыхьхьеит ачымазара, иахьазы аӡәгьы дычмазаҩӡам. Арҵаҩцәа 15 процент рҟынӡа алаҵа ҟарҵахьеит аҿкчымазара аҟынтә", - лҳәеит Сарсаниаԥҳа.