АҞӘА, ажьырныҳәа 24 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. "Аԥснеихамҩа" урыстәылатәи аҟазауаа ацҳақәеи атоннельқәеи ргәаҭаразы иаанаԥхьар аҭахуп ҳәа иҳәеит АУН "Аԥснеихамҩа" адиректор хада ицхырааҩ Октаи Хазириши Аԥсуа телехәаԥшраҿы имҩаԥысыз апресс-конференциаҿ.
Аҟәа-Очамчыра иахьаҵанакуа аибашьран ааха зауз ацҳақәа фба ыҟоуп иҳәеит иара.
"Урҭ рҟынтәи ҩба еиҭашьақәыргылоуп, даҽа ԥшьба макьаназы авариатә ҭагылазаашьа рымоуп. "Аԥснеихамҩа" урыстәылатәи аҟазауаа ацҳақәеи атоннельқәеи ргәаҭаразы иаанаԥхьар аҭахуп, анаҩстәи урҭ рхархәара ахьынӡалшо аилкааразы", - ҳәа иҳәеит Хазириши.
Аԥснытәи аихамҩахәҭа иуадаҩуп ҳәа иԥхьаӡоуп ҳәа азгәеиҭеит иара.
"Аихамҩахәҭа иаҵанакуеит атоннельқәа жәаба, ацҳа дуқәа быжьба, ацҳа маҷқәа 190. Убри азы аԥаразоужьрагьы ахылаԥшрагьы аҭахуп", - ҳәа иҳәеит иара.
Иахьазы аихамҩа аус ауеит Ԥсоу инаркны Аҟәанӡа, Аҟәа инаркны Очамчыранӡа.
"Очамчыра анаҩс амҩақәа ахархәара рымам. Тҟәарчал аганахьтәи ахырхарҭа акәзар, аибашьра ашьҭахь аихамҩа аус ауан, аха уажәы игылоуп", - иҳәеит Хазириши.
Атоннельқәа ракәзар, рзеиԥш аура 11 километр иҟоуп. Аибашьра ашьҭахь ус рыдҳамулацт. Иҟоуп ақәа зкылсуа, аусура дуқәа зҭаху, аха аԥхьа иҭҵаатәуп рҭагылазаашьа ҳәа иҳәеит иара.