Арадио

Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп: Логәуа ақыҭаҿы иҭышәынтәалоу аԥсҭазаара аиҿкаара иазкны

Ҷлоу ақыҭан инхо Вова Логәуа арадио Sputnik адырраҭара "Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп" аҿы аколхоз аамҭазы ақыҭаҿы аԥсҭазаара шеилашуази иахьа иаҭагылазаашьоу еиҿирԥшит.
Sputnik
25 шықәса Ҷлоу аколхоз аҿы аус зухьаз Вова Логәуа арадиоефир аҿы иҳәеит Асовет аамҭазы ақыҭаҿы аԥсҭазаара акырӡа еиҳаны ишеилашуаз атәы, усҟан ауаа дыргәаҟуазаргьы, ақыҭанхамҩаҿы зегьы еибаркны иҟан ҳәа азгәеиҭеит иара.
Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп. Ақыҭа иахьатәи аԥсҭазаашьеи уаҵәтәи аԥеиԥши иацу адоуҳаи, иҟоу ауадаҩрақәеи ҳрылацәажәоит. Аԥсуа қыҭа азхьаԥшразы иҟаҵатәу азы ргәаанагара рҳәоит уи иадҳәалоу ауаа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.