Ажьырныҳәа 24, 1917 шықәсазы диит раԥхьаӡатәи аԥсуа-апианинорҳәаҩы Хаџьера Аҩӡԥҳа. Лара активла далахәын Аԥсны апрофессионалтә музыкатә культура ашьақәыргылареи аҿиареи. Иаҭагылазаашьоузеи иахьа аклассикатә музыка, иҟоума уи аҟазара амаҵ азызуша, ишԥадрыԥхьало ахәыҷқәа, абарҭ азҵаарақәа рҭак ҟаиҵеит аоператә шәаҳәаҩы Алхас Ферзба.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.