Урыстәылеи Шьамтәылеи рыԥрыҩцәа аҳауатә ԥыԥшра еицымҩаԥыргеит

Ауснагӡатә ԥхьаҟагьы аицымҩаԥгара азԥхьагәаҭоуп.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 24 - Sputnik. Урыстәылеи Шьамтәылеи рыԥрыҩцәа раԥхьатәи аҳауатә ԥыԥшра еицымҩаԥыргеит Шьамтәыла аҳауатә ҵакыраҿы ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Урыстәылатәи АКМ рганахьала ауснагӡатә иалахәын арратә ҳаирпланқәа Су-34, Су-35, А-50. Шьамтәылатәи аганахьала - Миг-23, Миг-29.

Урыстәылатәи аԥрыҩцәа шьҭыԥрааит арратә база Хмеимим аҟынтә, шьамтәылатәиқәа – аҳаиртә баӷәазақәа Сеикали Думеири рҟынтә. Аԥыԥшраан шьамтәылатәи аԥрыҩцәа аҳауатә ҵакыра ахылаԥшреи ахьчареи рнапы ианын, урыстәылатәиқәа – адгьылтә цәҟьарақәа рҭархара.
Аԥыԥшра мҩаԥысуан Голантәи ахәқәа рҟынтәи аладатәи аҳәаа иаваршәны, анаҩс Евфрат инаркны аҩадатәи араионқәа рҟынӡа. Уи адагьы аԥыԥшраан имҩаԥган арҵаратә ракетатә хысра, адгьылтә цәҟьарақәа рҭархара. Асеиԥш иҟоу аԥыԥшратә ԥыррақәа аамҭа-аамҭала имҩаԥгахалоит.