Аԥсны

АКХ адепутатрахь акандидатцәа рықәыргыларазы агәыԥқәа 60 рҟынӡа хә-партиаки ҭанаҩит

Аԥсны алхратә комиссиа хада Жәлар Реизара адепутатрахь акандидатцәа ықәзыргыло апартиақәеи аԥшьгаратә гәыԥқәеи ашәҟәы рҭагалара ишаҿыц иаҿуп.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 24 - Sputnik. Аҩаша, Аԥсны Алхратә комиссиа хада иҭанаҩит Аԥсны Жәлар Реизарахь адепутатразы акандидатцәа рықәыргыларазы аԥшьгаратә гәыԥқәа 18-и партиаки.
АКХ ахь инагоу асиақәа инарықәыршәаны адепутатрахь иқәгылоуп:
Аӡынба Шамиль Омар-иԥа алхратә ҭыԥ хада №4 аҿы (Аҩадатәи)
Џьопуа Рамаз Гиви-иԥа алхратә ҭыԥ хада №ҟ аҿы (Аҳабла ҿыц)
Мархолиа Рустам Гарри-иԥа алхратә ҭыԥ хада №20 аҿы (Аацытәи)
Гезердаа Саид Игор-иԥа алхратә ҭыԥ хада №9 аҿы (Мрагыларатәи)
Черқьезиа Ромео Роин-иԥа алхратә ҭыԥ хада №34 аҿы (Тҟәарчалтәи аҩбатәи)
Какалиа Ешсоу Иван-иԥа алхратә ҭыԥ хада №32 аҿы (Очамчыратәи)
Ҭарба Иван Дорофеи-иԥа алхратә ҭыԥ хада №15 аҿы (Оҭҳаратәи)
Галустиан Левон Миружан-иԥа алхратә ҭыԥ хада №24 аҿы (Гәымсҭатәи)
Арӡынба Амасхан Зураб-иԥа алхратә ҭыԥ хада №22 аҿы (Ешыратәи)
Горзолиа Дамир Иан-иԥа алхратә ҭыԥ хада №33 аҿы (Тҟәарчалтәи актәи)
Гәбаз Леон Реаз-иԥа алхратә ҭыԥ хада №8 аҿы (Алашарбагатәи)
Смыр Нонна Владимир-иԥҳа алхратә ҭыԥ хада №20 аҿы (Аацытәи)
Басариа Аслан Гьаргь-иԥа алхратә ҭыԥ хада №30 аҿы (Кәтолтәи)
Гәниа Илиа Ҷыҷыкәа-иԥа алхратә ҭыԥ хада №26 аҿы (Драндатәи)
Хәытаба Дауҭ Витали-иԥа алхратә ҭыԥ хада №10 аҿы (Пицундатәи)
Амҷба Дмитри Капитон-иԥа алхратә ҭыԥ хада №6 аҿы (Агәантәи)
Дгебиа Саид Тариел-иԥа алхратә ҭыԥ хада №3 аҿы (Ажәытә ҳабла)
Ашәба Лаша Нугзар-иԥа алхратә ҭыԥ хада №5 аҿы (Синоптәи)
Уи адагьы, иҭаҩын апартиа "Аԥсны".
Зынӡа иҭарыҩхьеит аԥшьгаратә гәыԥқәа 59, апартиақәа хәбеи.
Апарламент ахь адепутатцәа алзхуа аполитикатә партиақәеи аԥшьгаратә гәыԥқәеи ашәҟәы рҭагалара мҩаԥысуеит ажьырныҳәа 21 инаркны жәабран 10 рҟынӡа.
Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥгахоит хәажәкыра 12 азы, иалххоит 35-ҩык адепутатцәа.