Арадио

Амҷба еиҭеиҳәеит Очамчыра ашколқәа рҿы аепидҭагылазаашьа зеиԥшроу

Очамчыратәи аҩбатәи ашкол аҿы аепидҭагылазаашьа иахҟьаны ашкол адыркит, абри атәы арадио Sputnik аефир аҿы иҳәеит араион аҵара аҟәша аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Вахтанг Амҷба
Sputnik
"Аҭагылазаашьа аицәахара иаҿуп ҳәа ҳаҳауеит. Ҳраион аҿы зегьы реиҳа хыԥхьаӡарала еиҳау иҳамоу аҩбатәи ашкол аҟны аҵаратә процесс аанаҳамкылар ада ԥсыхәа ҟамлеит. Ахыԥхьаӡара ҳҳәозар 15-ҩык рҟынӡа аҿкчымазара рыдбалоуп, классцыԥхьаӡа аӡәы- ҩыџьа чмазаҩуп. Арҵаҩцәа ракәзар, иахьазы ааҩык ачымазара рымоуп ҳәа ишьақәырӷәӷәоуп. Егьырҭ ашколқәа рҿы аӡәык-ҩыџьак арҵаҩцәа ахьычмазаҩу ыҟоуп, аха аклассқәа роуп иарку, егьыс аҵаратә процесс цоит. Ачымазара лассы аҽарҭбаауеит, ахыԥхьакра аҭахуп", - иҳәеит Амҷба.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.