Аԥсны

Аслан Бжьаниа урыстәылатәи ахәшәтәырҭақәа руак аҟны иҷаҷа ԥырҟеит

Аоперациа мҩаԥысит ашәахьа, ажьырныҳәа 24 рзы.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 25 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа урыстәылатәи ахәшәтәырҭақәа руак аҿы дԥырҟеит ҳәа аанацҳауеит ахада иофициалтә саит.
Аоперациа мҩаԥысит ашәахьа, ажьырныҳәа 24 рзы урыстәылатәи ахәшәтәырҭақәа руак аҟны. Иазгәаҭоуп аоперациа азыԥхьагәаҭан, қәҿиаралагьы имҩаԥысит ҳәа.
Бжьаниа иҭагылазаашьа ҭышәынтәалоуп.
Аслан Бжьаниа Урыстәылаҟа дцеит амедицинатә гәаҭара дахысырц ажьырныҳәа 9 рзы.