НАТО арратә мчқәа Мрагылараҟа аҽарҭбаауеит

НАТО Мрагылараҟа аҽырҭбаара мзызны ианаҭоит "Урыстәыла агрессиа".
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 25 – Sputnik. НАТО арратә мчқәа мрагыларатәи ахәҭаҿы рыҟазаара Украина аҭагылазаашьа шәарҭа иадҳәалоуп ҳәа аҩуеит РИА Новости.

"НАТО адгылаҩцәа рыхьчаразы иахәҭаны иаԥхьаӡо аусқәа зегьы ҟанаҵалоит, алианс мрагылараҿы аҽырӷәӷәарагьы абрахь иналаҵаны. Ашәарҭара ахьыуашәшәырахо а аҵакырақәа зегьы азхьаԥшра раҳҭалоит", - иҳәеит Алианс ахада Иенс Столтенберг.

Адырраҭараҿы иҳәоуп НАТО мрагылара атәылақәа рҿы рырхәҭақәа рыҟазаара "2014 шықәсазы Урыстәыла Ҟрым ампыҵахалара" иахьыԥшуп ҳәа. 2014 шықәсанӡа НАТО арҭ атәылақәа рҵакыраҿы иҟамызт.
Аколлективтә ҽыхьчара аиҿкаара аԥҟаԥҵәа апункт хадақәа иреиуоуп, уи иаанаго- НАТО алахәылацәа руаӡәк иқәлара алианс алахәылацәа зегьы рықәлара иашьашәаланы ишьоуп.
Столтенберг Урыстәыла ахымҩаԥгашьоуп НАТО аҽырҭбаара мзызс иамоу ҳәа иҳәеит
Уаанӡа Урыстәыла ААР аҳәамҭа ҟанаҵахьан аиҿкаара Финлиандиа, Швециа, Украина, Қырҭтәыла рҵакырақәа ампыҵанахалоит ҳәа. Москва уи шәарҭараны иаԥхьаӡоит.
Ииасыз ашықәс анҵәамҭаз Кремль ашәарҭадараз ажәадгалақәа ҟанаҵеит, алианс 1997 шықәсазтәи аҭагылазаашьа иазыхынҳәырц, уи иаанаоит- НАТО иалахәымыз атәылақәа рҵакырақәа ирылҵырц.