"Араион аҿы афымцалашаразы аҭагылазаашьа ҭышәынтәалан иҟоуп. Асоурақәа ҟалаанӡа аусутәқәа рацәаны имҩаԥган. Шьыжьы инаркны хәылбыҽханӡа ацәахәақәа рҿы аус ун. Акаламҭрақәа ахьыҟаз, аҵлақәа ахьаԥырхагаз, атрансформаторқәа џьара-џьара ибжьысны иахьыҟаз иҟаҵан. Уаанӡа еиԥш иҟаз ақәыӷәӷәарақәа уажәы иҟаӡам. Амаинингтә фермақәа еиҵыхны иҟаӡам, аха аҩнқәа рҿы џьара-џьара ирымоуп ауаа. Х-фазак ахьнагоу аҭыԥқәа аус адулара ҳаҿуп, аха уигьы зегьы иаразнакала иаҳзыҟаҵом. Сгәы иаанагоит араион аҿы афымцаларашазы аҭагылазаашьа еиҳагьы еиӷьхоит", - ҳәа азгәеиҭеит Ханагәуа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.