Аԥсны

Амитинг алахәыла Баграт Сурмаа ибаандаҩра аҿҳәара иацҵоуп

Баграт Сурмаа ԥхынҷкәын 21 азы Аҟәа аиҳабыратә хыбрақәа рҿаԥхьа имҩаԥысыз ззин рыҭамыз амитинг далахәын ҳәа ахара ихарарҵоит.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 26 – Sputnik. Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа амитинг алахәыла Баграт Сурмаа ибаандаҩра аҿҳәара иацнаҵеит. Абри атәы аанацҳауеит Иреиҳаӡоу аӡбарҭа асаит.

Сурмаа ибаандаҩра даҽа 25 мшы иацҵоуп - жәабран 22 2022 шықәса рҟынӡа.

Баграт Сурмаа уаанӡа 20 мш ҳәа дырбаандаҩын - ажьырныҳәа 28 рҟынӡа.
Ԥхынҷкәын 21 2021 шықәса азы Аҟәа аиҳабыратә хыбрақәа рҿаԥхьа имҩаԥысит ззин рыҭамыз амитинг, анаҩс уи аҿагыларатә акциахь ииасит.
Аԥсны
Аӡбарҭа Аҟәа имҩаԥысуаз аҿагыларатә акциа алахәыла иганахьала азыӡба аднакылеит
Ԥхынҷкәын 23 азы Аҟәатәи апрокуратура ашьаус хацнаркит ԥхынҷкәын 21 азы ауаа рацәа злахәыз аилаҩеиласрақәа реиҿкаареи рылахәхареи афакт азы.
Ажьырныҳәа 8 азы Аҟәа апрокуратура иааннакылеит урҭ аибарххарақәа ирылахәыз хәҩык ауаа.
Ажьырныҳәа 11 азы Аҟәа ақалақьтә ӡбарҭа Аҟәа имҩаԥысуаз аҿагыларатә акциа алахәылаҩцәа ҩыџьа Баҭал Ҵәыџьбеи Аслан Ҭаниеи рганахьала азыӡбақәа аднакылеит. Баҭал Ҵәыџьба – мызки жәохәымши, жәабран 22 рҟынӡа ихақәиҭра далхәыдатәызарц иқәнаҵеи. Ҭаниа ибаандаҩра аҿҳәара иацҵоуп жәабран 22 рҟынӡа.
Аԥсны
Аҟәа аоппозициа имҩаԥыргаз амитинг аҟны аилаҩеиласра иалахәыз ԥшьҩык аанкылоуп
Ажьырныҳәа 19 Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ашьаусқәа рзы Ахашшаратә коллегиа Баҭал Ҵәыџьба иганахьала азыӡба аԥсахит, иара жәабран 22 рҟынӡа аҩнытә баандаҩра иқәҵоуп.
Иара убас, хәажәкыра 22 рҟынӡа аҩнытә баандаҩра иқәҵоуп Рамаз Џьопуа.
Мызкы, жәабран 8 рҟынӡа ихақәиҭра далхәдатәзаауеит Анрик Инаԥшьба.