"Ҳара шықәсыбжак ҵуеит акультуратә усҳәарҭақәа аартызар бзиан ҳәа ҳҳәоижьҭеи. Уеизгьы-уеизгьы ҳмықәԥозаргьы, ҳгәаанагара изныкымкәа иаҳҳәахьеит. Аҿкчымазара ауаа ирмыхьырцаз иахәҭоу зегьы азгәаҭаны иааҳартыр ҳәа аԥхынгьы иаҳҭахын. Ҳәарада, аусмҩаԥгатәқәа рырԥсыҽра ҳаигәырӷьоит ганкахьала, аха даҽаганкахьала убас иҟалеит, зегь реиҳа хыԥхьаӡарала изыхьуа анырацәаха, зегьы реиҳа алаҵәара аныҟала аамҭа иақәшәеит", - ҳәа азгәалҭеит Корсаиаԥҳа.
Амузеи аиҳабы илҳәеит акультуратә усҳәарҭақәа раартра иазхәыцны изызнеитәу ак акәны ишыҟоу, дара иахәҭоу зегьы амаҭәахәқәа рыла еиқәыршәаны, аԥҟарақәа азгәарҭартә еиԥш ахылаԥшра рзуны, аконтроль рзуны иҟаҵазар, иаҳа ишәарҭадахоит ҳәа лҳәеит Корсаиаԥҳа. Шықәсык аахыс иаркымзаргьы ҟалон, аиашазы, русура ишахәҭоу иазгәаҭазҭгьы, уажәы даара ахылаԥшра рҭахуп ҳәа инаҵшьны илҳәеит.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.