АҞӘА, ажьырныҳәа 26 - Sputnik. Аԥшьгаратә гәыԥқәа даҽа жәаҩа Аԥсны Жәлар Реизарахь адепутатразы акандидатцәа ықәдыргылеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АКХ.
АКХ ахь инагоу асиақәа инарықәыршәаны адепутатрахь иқәгылоуп:
Демур Гогьиа - 28-тәи алхырҭатә ҭыԥ хада (Гәыԥтәи)
Бадрик Ԥлиа - 15-тәи алхырҭатә ҭыԥ хада (Оҭҳаратәи)
Хына Думаа - 3-тәи алхырҭатә ҭыԥ хада (Ажәытә ҳабла)
Аслан Лакоба - 17-тәи алхырҭатә ҭыԥ хада (Лыхнытәи)
Олег Оҭырба - 20-тәи алхырҭатә ҭыԥ хада (Аацытәи)
Беслан Қарчаа - 7-тәи алхырҭатә ҭыԥ хада (Абиблиотека)
Дауҭ Агрба - 12-тәи алхырҭатә ҭыԥ хада (Гагратәи)
Дмитри Маршьан - 6-тәи алхырҭатә ҭыԥ хада (Агәантәи)
Алықьса Арҷелиа - 7-тәи алхырҭатә ҭыԥ хада (Абиблиотека)
Натали Смыр - 21-тәи алхырҭатә ҭыԥ хада (Афонҿыцтәи)
Алмас Қчач - 11-тәи алхырҭатә ҭыԥ хада (Бзыԥҭатәи)
Леонид Лакербаиа - 18-тәи алхырҭатә ҭыԥ хада (Гәдоуҭатәи актәи ақалақьтә).
Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥгахоит хәажәкыра 12 рзы, иалххоит 35-ҩык адепутатцәа.
Апарламент ахь адепутатцәа алзхуа аполитикатә партиақәеи аԥшьгаратә гәыԥқәеи ашәҟәы рҭагалара иалагеит ажьырныҳәа 21 рзы. Акандидатцәа рҭаҩра мҩаԥыслоит жәабран 10 инаркны хәажәкыра ҩба рҟынӡа.
Аԥсны АКХ адыррақәа рыла, иахьазы - ажьырныҳәа 26, Аԥсны Жәлар Реизарахь адепутатразы акандидатцәа рықәыргыларазы аԥшьгаратә гәыԥқәа 71-еи хә-партиаки ашәҟәы иҭагалоуп.