Гагра араион аҿы ашколқәеи ашколқәранӡатәи аусбарҭақәеи жәабран 1 аҟынӡа иадыркуеит. Абри азы аусԥҟа инапы аҵаиҩит араион ахада Иури Хагәышь.
Гагра араион аҟны иҟоуп ашколқәа 18, ахәыҷбаҳчақәа 6.
"Араион ахада ҳгәаанагарақәа зегьы дырзыӡырыҩны алкаа ҟаиҵеит: иахьазы араион аҟны иҟоу ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи русура шаанкылахо жәабран акынӡа. Ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи иҳамоу рҟны аҭагылазаашьа еиԥшӡам. Иҟоуп ԥшь-школк ачымазара злаҽыз арҵаҩцәа рхыԥхьаӡара ахьырацәоу. Иаҳҳәап, Гагратәи аҩбатәи ашкол аҟны 16-ҩык арҵаҩцәа ишьақәырӷәӷәоу ыҟоуп (ачымазара злаҽу - азгәаҭа), иахьа-уаҵәы адырра зоураны иҟоу ачымазара ҿкы рылаҽу ирымаму", - лҳәеит Ажьиԥҳа.
Лара иазгәалҭеит аковидчмазара ахы цәырнагаанӡа, уи аԥхьагьы жәабранмза иаҳа иуадаҩын, ахәыҷқәа ари аамҭазы ахьҭа иаҳа ирылалон, иҟан ашколқәа уи иахҟьаны ианадыркуазгьы ҳәа.
Ажьиԥҳа илҳәеит аковидчмазара зыҟны ишьақәырӷәӷәоу ҳәа аҵаҩцәа 35-ҩык рсиа ашәҟәы ишылзану, аха ашколқәа рахь имнеиуаз рхыԥхьаӡара 30% инацны иҟоуп. Лара лажәақәа рыла, иҟан ашколқәа аҵаҩцәа рхыԥхьаӡара 15% рҟынӡа иахьагыз, аха хәба-фба школ рҟны 50% рҟынӡа инаӡон.
Аицәажәара иаҳа инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.