Аԥсны

Аиҳабыра аибашьра аветеранцәа рҽыхәшәтәразы апрограмма шьақәдырӷәӷәеит

2022 шықәсазтәи ацхыраара иазоужьуп 3,5 миллион мааҭ.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 27 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аԥсны аиҳабыра 1992-1993 шықәсқәа раантәи аибашьра аветеранцәа рмедицинатә ҽыхәшәтәразы апрограмма шьақәдырӷәӷәеит.
Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба иажәақәа рыла, 2020 шықәсазы ари аҩыза ацхыраара рыҭан 158-ҩык аинвалидцәа. Иазырхиан ауаҭәаз апротезқәа 10, ашьаргәыцә протезқәа 43, 15 ортез. Уи адагьы 63 протез еиҭарҿыцын.
2021 шықәса жәымз рыҩнуҵҟа ацхыраара рыҭан 164-ҩык. Иазырхиан ауаҭәаз апротезқәа 11, ашьаргәыцә протезқәа 41, 11 ортез.

Иҳалшо зегь ҟаҳҵандаз ҳәа ҳаҿуп. Иҟоуп иуадаҩу аветеранцәа, еиуеиԥшым ачымазарақәа змоу. Урҭ рыхәшәтәра ҳацхраауеит. Апротезқәа аамҭа-аамҭала аиҭарҿыцра рҭахуп. Абри ахырхарҭалагьы аус ауеит, - иҳәеит Быҭәба.

Аминистр иазгәеиҭеит апрограмма ацхыраарала аибашьра аинвалидцәа рыхәшәтәра арбагақәа еиӷьхеит ҳәа.