Аԥсны

Нелли Лагәлааԥҳа лыҩнытә баандаҩра аҿҳәара иацҵоуп

Нелли Лагәлааԥҳа ахара лыдҵоуп Амилаҭтә кьыбачымазаратә хәшәтәырҭаҟны хыԥхьаӡара рацәала агорманалтә хәшәқәа рӷьычра далахәуп ҳәа.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 27 – Sputnik. Мадина Ҷанба лхантәаҩрала имҩаԥысыз Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа аилатәара Нелли Лагәлааԥҳа лыҩнытә баандаҩра аҿҳәара иацнаҵеит, абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа асаит.
Нелли Лагәлааԥҳа лыҩнытә баандаҩра аҿҳәара иацҵоуп лаҵара 28, 2022 шықәсанӡа, хымш рыҩныҵҟа Ахашшааратә коллегиахь аӡбамҭа азашшра азин аманы.
Акьыбачымазаратә хәшәтәырҭа иаҵаӷьычыз рыҩнытә рбаандаҩра аҿҳәара иацҵоуп
Амилаҭтә кьыбачымазаратә хәшәтәырҭа аҳақьым хада Лев Аргәын, ҽынлатәи астационар аиҳабы Нелли Лагәлааԥҳа, ахимиотерапиа аҟәша амедиаҳәшьа хада Лариса Кәакәасқьырԥҳа рганахьала ашьаус хацыркуп акьыбачымазара зыхьуа ирзоурыжьуаз агормоналтә хәшәқәа реимҵәара мҩаԥыргон ҳәа 2021 шықәса рашәарамзазы.
Аԥсны Амилаҭтә кьыбачымазаратә центр амедусзуҩцәа акьыбачымазара зыхьуа хәшәыла реиқәыршәаразы 2004 шықәса раахыс аус зуа Аҳәынҭқарратә программа инақәыршәаны ахимиа-гормонтә хәшәқәа роураан ачымазцәа рамбулатортә картақәеи амедицинатә маҵзура ахәԥсашәаратә реестри рҿы имцыз адыррақәа анырҵон апациентцәа ахимиатерапиа иахысуазшәа, иара убри алагьы аҳәынҭқарра абиуџьет аԥхасҭа ду аҭан.
Аусҭҵаара иаҵанакуеит 2017 -2021 шықәсқәа рызтәи аҳәынҭқарратә программа.