Арадио

Воуԥҳа еиҭалҳәеит аҿкчымазара ихьит ҳәа агәҩара змоу иҟаиҵаша

Аковид чымазара зыдбалоу рхыԥхьаӡара ианацла аамҭазы ауаҩы иҟаиҵашазы абжьгарақәа ртәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит Аҟәа ақалақь ахадара агәабзиарахьчара аусбарҭа аиҳабы Ирма Воуԥҳа.
Sputnik
"Ауаҩы данычмазаҩхалак аҭел 0303 дасуеит, уа ирҭароуп дахьынхо иҭыӡҭыԥ иаҵанакуа алаборатортә хәышәтәырҭа аҭелқәа. Уахь дасуеит, мамзаргьы аҳақьыми иареи рҽеимардуеит. Еибырҳәоит иҟаҵатәу, анализ аҭара ианцатәу. Иахьа иҟоу аковид чымазара хкы "омикрон" даара алаҵәара амоуп, ижәбоит шаҟаҩы чмазаҩхаз астатистика ала. Уи ахатә лабораториаҿы иаарԥшын. Иахьазы ҳара иҳамаӡам иҭаҳҵаартә алшара, избанзар, уи гәазҭо атест Урыстәыла ианар 11 рзы ирыдыркылеит. Иахьазы уи ҳзаамхәацт. Раԥхьа аҳақьым лоуп ичмазаҩхаз ашәҟәы ҭелла изыназышьҭуа, убри алоуп анализ ицаны ишарҭо", - лҳәеит Воуԥҳа.
Лара убасгьы еиҭалҳәеит аҳҭнықалақь аҟны ПЦР-анализ ахьарҭо аҭыԥқәа ахьыҟоу, урҭ русура аамҭа ишацҵоу шьыбжьон асааҭ 3 рҟынӡа.
Воуԥҳа убасгьы дазааҭгылеит аковид чмазара аштамм ҿыц "омикрон" азы иҟоу адыррақәа, ауаҩы игәабзиара ишаныԥшуа, иахьынӡашәарҭоу, шаҟа аамҭа рыла ауаҩы ихиго, ауаа рзы дшәарҭамкәа даныҟало, ПЦР-анализ ауҭаанӡа шаҟа аамҭа акрыфара -акрыжәра ҟамло уҳәа.
Аицәажәара инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны