Аԥсны

Аҟәа Аҳабла жәытә иаланхо лашарада иаанхеит

Астанциа маҷ " Аҟәа-1" аихшаратә цәаҳәақәа руак ахьанҭара ӷәӷәа аиуит.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 28 - Sputnik. Аҟәа Аҳабла жәытә иаланхо ауааԥсыра лашарада иаанхеит ҳәа акьыԥхьуеит "Амшынеиқәафымцамч" Facebook аҟны.
Ишазгәаҭоу ала, астанциа маҷ "Аҟәа-1" аихшаратә цәаҳәа 41 аусура еиԥҟьеит. Афымцацәаҳәа ақәыӷәӷәара иаиуз иахҟьаны 150 метра афымцаҳа блит.
Аԥсны аамҭа-аамҭала афымцалашара арцәара аԥыхыуп, ақәыӷәӷәарақәа анырацәахо идырцәалар анакәыз ахҭысқәа аламҵакәа.
Ԥхынҷкәын 21 2021 шықәса инаркны Аԥсны аиҳарак Урыстәылантәи афымцалашара аиуеит, егьи ахәҭа "ГЕС-1" аҟынтә.