Аԥсны

Аҟәа ахәыҷтәы поликлиникаҿы ПЦР-тестқәа ахьрыдыркыло аҭыԥ аусура аамҭа еиҭакуп

ПЦР-ҭыԥқәа аус руеит Аԥсны араионтә хәшәтәырҭақәа зегь рыҟны.
Sputnik
АҞӘА, ажьырныҳәа 28 - Sputnik. Агәабзиарахьчара аминистрра ишьақәнарӷәӷәеит Аҟәа ахәыҷтәы поликлиникаҿы ПЦР-ҭыԥ аусура аамҭа ҿыц.
Аҟәа ахәыҷтәы поликлиникаҿы аковид-кабинет аусурамшқәа раан иаартуп асааҭ 9:00 - 16:00, асабша асааҭ 9:00 - 15:00, амҽыша - ԥсшьарамшуп ҳәа аанацҳауеит аминистрра ателеграм-канал.
Ари аҭыԥ аҿы ирыдыркыло ахәыҷқәа рымацара роуп.
Аԥсны
Агәабзиарахьчара аминистрра ПЦР-тестқәа ахьрыдыркыло аҭыԥқәа русура аамҭа шьақәнарӷәӷәеит
ПЦР-тест аполиклиникаҿ ирыдыркылоит аҳақьым иабжьгарақәа рышьҭахь.
Уаанӡа Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра ПЦР-тестқәа ахьрыдыркыло аҭыԥқәа русура аамҭа шьақәнарӷәӷәахьан. Уи инақәыршәаны аҭыԥқәа аус рулоит есыҽны, асааҭ 8:00 инаркны 16:00 рҟынӡа.
Аҟәа аус руеит ПЦР-тестқәа ахьрыдыркыло х-ҭыԥк: аҿкчымазаратә хәшәтәырҭа – Басариа имҩа,146, Аҳабла ҿыц – Аргәын имҩа, 1 (Ацхыраара ласы астанциа), ақалақьтә хәыҷтәы поликлиника – Лакоба имҩа, 11 (ахәыҷқәа рзы).